Қырҭтәыла Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ -  Атәыла жәа-муниципалитетк рҿы алхрақәа ҭынч имҩаҧысуеит
Қырҭтәыла Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ -  Атәыла жәа-муниципалитетк рҿы алхрақәа ҭынч имҩаҧысуеит

Қырҭтәыла Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ  Гьаргь Шарабиӡе  иҳәамҭала, атәыла жәа-муниципалитетк рҿы алхрақәа ҭынч имҩаҧысуеит. Иара иажәақәа рыла, иахьатәи алхрақәа рҿы рхы иадырхәо аелектронтә абжьыҭира 2024 шықәсатәи алхрақәа рҟнынӡа аҧышәас ирзыҟалоит. Иара убас, Шарабиӡе,  апартиа   «Зхы иақәиҭу Қырҭтәыла» акандидат Бесик Ҵулеискири иҟаиҵаз аҳәамҭа аҭак аиҭеит. Ҵулеискири ишиҳәаз ала, алхратә сиақәа ирнуп иҧсхьоу ауааҧсыра.

«Ари азҵаара иазҿлымҳау аганқәа зегьы алхратә сиақәа рбар рылшоит. Алхыҩцәа рсиақәа аргама ицәыргоуп, аверификациатә аппаратқәа ирылагалоуп. Зыӡбахәы ҳәоу аҳәамҭа аполитикатә ашьаҭа амазар ҟалап», — иҳәеит  Гьаргь  Шарабиӡе.