Қырҭтәыла Актәи аканал аҭыхҩы Илиа Ҭвалиашвили изы амчыларазы ахара зду Гьаргь Маҕраӡе, аҧкратә уснагӡатә аҳасабала, аҭакра иқәырҵеит
Қырҭтәыла Актәи аканал аҭыхҩы Илиа Ҭвалиашвили изы амчыларазы ахара зду Гьаргь Маҕраӡе, аҧкратә уснагӡатә аҳасабала, аҭакра иқәырҵеит

Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭа,  Қырҭтәыла Актәи аканал аҭыхҩы Илиа Ҭвалиашвили изы амчыларазы ахара зду Гьаргь Маҕраӡе, аҧкратә уснагӡатә аҳасабала, аҭакра иқәырҵеит.

Аӡбарҭаҿы апрокурор ишиҳәаз ала, Актәи аканал аҭыхҩы уажәгьы игәабзиара аҭагылазаашьа цәгьоуп.

Ахара зду ихаҭа апрокуратура апозициа дақәшаҳаҭым.

Ҧхынгәы  5 рзы, Қарҭ, «Ҭбилиси Праида»  иаҿагылаз ауааҧсыра ажурналистцәеи аҭыхыҩцәеи ирықәлеит, еиуеиҧшым АИХ рхаҭарнакцәа аахақәа роуит, урҭ дреиуп Ауаажәларратә дырраҭара аҭыхҩы Илиа Ҭвалиашвилигьы.