Қырҭтәыла акоронавирус зхызгаз ахаҿы даҽазнык дычмазаҩхеит
Қырҭтәыла акоронавирус зхызгаз ахаҿы даҽазнык дычмазаҩхеит

Қырҭтәыла акоронавирус зхызгаз ахаҿы даҽазнык дычмазаҩхеит, – ари атәы ааицҳаит Қырҭтәыла ачымазарақәа рхылаԥшреи ауаажәларратә гәабзиареи амилаҭтә рцентр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе.

«Хымз раԥхьа акоронавирус зыдбалаз ахаҿы еиҭах дычмазаҩхеит. Аштаммқәа ргеном еиԥшым, аха ари британиатәи штаммӡам,» – иҳәеит Гамҟрелиӡе.