Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура — Хықәкыла имцырку аинформациа аларҵәоуп украинатәи аҧшыхәра аматериалқәа инрықәыршәаны Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿ Урыстәылатә арбџьармчқәа иртәу ишәарҭам аимадара атерминал ҷыдақәа раҳа иҟоушәа
Иацы инаркны еиуеиҧшым амедиаплатформақәа хықәкыла имцырку аинформациа аладырҵәоит украинатәи аҧшыхәра аматериалқәа инрықәыршәаны Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿ Урыстәылатәи арбџьармчқәа ишәарҭам аимадара атерминал ҷыдақәа раҳа иҟоушәа, — иануп Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҳәамҭаҿы.
Амаҵзура адыррақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу амедиаплатформақәа рхаҭарнакгьы Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура дадымҵаалт.
«Зыӡбахәы ҳәоу амедиаплатформақәа рхаҭарнакгьы Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура дадымҵаалт. Убри адагьы, ҳара Украина адәныҟатәи аҧшыхәра амаҵзура аҟынтәи изакәызаалак информациак ҳмоуӡацт. Украинатәи аган рдыррақәа рыла, абри аҩыза аҳақәа иҟоуп Украина иазааигәаны, афронт ацәаҳәаҿы, иара убас, Африкатә контитентаҿ. Убри аҟынтә, дара рхала иҟарҵаз аҳәамҭақәа иреиҧшым аинформациа аларҵәара зыхҟьаз аилкаара ҳаҿуп. Зыӡбахәы ҳәоу имцырку аинформациа амшала гәыҧқәак Қырҭтәыла аҩныҵҟа аҳәынҭқарра иаҿагыло акампаниа иалагеит», — иануп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аҳәамҭаҿы.