Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  -  Украина имҩаҧысуа ахҭысқәа даараӡа ҳаргәамҵуеит, жәларбжьаратәи уаажәларра рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит аҭагылазаашьа адеескалациеи амчылареи ааныркыларц
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  -  Украина имҩаҧысуа ахҭысқәа даараӡа ҳаргәамҵуеит, жәларбжьаратәи уаажәларра рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит аҭагылазаашьа адеескалациеи амчылареи ааныркыларц

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  Украина имҩаҧысуа ахҭысқәа ирыдҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит.

«Украина имҩаҧысуа ахҭысқәа даараӡа ҳаргәамҵуеит. Урыстәыла арратә ауранагӡара Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи жәларбжьаратәи зини еиланагоит, уи Украина мацара акәымкәа, жәларбжьаратәи уаажәларрагьы ирҧырхагоуп. Ҳара аукраин жәлар ҳрыдгылоит,  жәларбжьаратәи уаажәларра рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит аҭагылазаашьа адеескалациеи амчылареи ааныркыларц», — иануп аҳәамҭаҿы.