Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  - Бельгиаҟны аимадара рырҭбаара ҳгәы иҭоуп
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  - Бельгиаҟны аимадара рырҭбаара ҳгәы иҭоуп

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Қырҭтәылеи Бельгиеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазашьақәа рышьақәыргылара инаркны 30 шықәса аҵра инамаданы,  Twitter  аҿы аҳәамҭа аланарҵәеит.

«Иахьа  30 шықәса ҵит Қырҭтәылеи Бельгиеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара инаркны. Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны, иаҳзеиҧшу апринципқәа рышьаҭала, еиуеиҧшым аусзкқәа рҿы ҳусеицура аҿиара иаҿын. Анеҩстәи ашықәсқәа рзгьы ҳаимадара арҭбаара ҳгәы иҭоуп», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.