Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Аҭагылазаашьа ахьыцәгьоу аҟынтә, Қырҭтәыла атәылауаа Судан ианалырго макьана идырым
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Аҭагылазаашьа ахьыцәгьоу аҟынтә, Қырҭтәыла атәылауаа Судан ианалырго макьана идырым

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррала, Судан аҭагылазаашьа ахьыцәгьоу аҟынтә, Қырҭтәыла атәылауаа ари атәыла ианалырго  макьана идырым.

Аминистрраҿы ишырҳәаз ала, Судан иҟоу Қырҭтәыла атәылауаа рҟны еиҧҟьарада аимадара рымоуп.

«Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи  еиуеиҧшым акторцәеи Суданынтә Қырҭтәыла атәылауаа ревакуациазы активла аус руеит, аха, уаҟа аҭагылазаашьа цәгьоуп, иҟало аӡәгьы издырӡом, аиҿагылара инагӡоит. Убри аҟынтә, Қырҭтәыла атәылауаа ари атәыла ианалырго макьана идырым. Ҳара уаҟа иҟоу ақырҭуаа рҟны еиҧҟьарада аимадара ҳамоуп», — ирҳәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы.