Қарҭ иҟоу Синагога ду аҿы Израиль адгыларатә акциа мҩаҧган
Қарҭ иҟоу Синагога ду аҿы Израиль адгыларатә акциа мҩаҧган

Қарҭ иҟоу Синагога ду аҿы Израиль адгыларатә акциа мҩаҧган. Амитинг алахәылацәа  Израиль, аибашьра аҭыҧаҿ иҟоу ауааҧсыра адгылара ҕәҕәа рзаадырҧшит, дара иҭахаз ауаа ҳаҭырла ргәаларшәаразы синагогашҟа ашәҭқәа наргеит.

Израиль адгылара азаазырҧшыз ауаа рҿаҧхьа дықәгылеит Қырҭтәыла иҟоу Израиль ацҳаражәҳәаҩ. Инагӡан Қырҭтылеи Израили рхьыӡрашәақәа.

Иара убас, Ақырҭуа-израильтәи абизнес-палата ахада  Ицик Моше ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла адгылара иуникалуп. Иара иажәақәа рыла, атерроризм аҵыхәаҧҵәаразы зегьы ҟаҵатәуп.