Қарҭ,   Белиашвили имҩа N5 аҿы Украина атәылауаа рыцхрааразы агуманитартә аидара еизыргоит

Уаҵәы инаркны, Қарҭ,  Белиашвили имҩа  N5 аҿы, Украина атәылауаа рыцхрааразы агуменитартә аидара еизыргоит, — ари атәы ааицҳаит Қарҭ авице-ахада Илиа Елошвили.

Қарҭ ахадараҿы имҩаҧгаз абрифинг аҿы иара ишиҳәаз ала,  изҭаху ауааҧсыра зегьы акциа рхы аладырхәыр рылшоит.

Қарҭ авице-ахада ауааҧсыра дрыҳәеит ирласны  иҧхасҭамхо афатәаалыҵ ааргарц.