Қарҭ ахадараҿы, қәҿиарала аҵара зҵо амагистратура астудентцәа аҧара рзоушьҭразы арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит
Қарҭ ахадараҿы, қәҿиарала аҵара зҵо амагистратура астудентцәа аҧара рзоушьҭразы арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит

Қарҭ ахадараҿы, қәҿиарала аҵара зҵо амагистратура астудентцәа аҧара рзоушьҭразы арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит.

Қарҭ ахадара адыррала, Акультуреи,  аҵареи,  аспорти,  аҿар русқәеи рзы ақалақьтә маҵзура  2015 шықәса инаркны ари апрограмма мҩаҧнагоит.

«Апрограммала иазҧхьагәаҭоуп Қарҭ инхо,  қәҿиарала аҵара зҵо амагистратура астудентцәа аҧаратә цхыраара рыҭара. Апрограмма рхы аладырхәыр рылшоит абарҭ иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа рҿы амагистратура иҭоу астудентцәа: Иуане Џьавахьишвили ихьӡ зху Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет; Илиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә университет; Қарҭтәи аҳәынҭқарратә мединициатә университет; Қарҭтәи аҳәынҭқарратә консерваториа; Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә техникатә университет; Аҟәатәи аҳәынҭқарратә университет; Шоҭа Русҭавели ихьӡ зху атеатри акинои руниверситет; Қарҭтәи аҳәынҭқарратә Аҟазара академиа; Қырҭтәыла афизикатә ааӡареи аспорти рзы аҳәынҭқарратә университет.

Астудент абарҭ акритериқәа дрышьашәалазароуп: Қырҭтәыла датәылауаҩызароуп; Қарҭ ашәҟәы данызароуп  ( аҵыхәтәантәи фымз иреиҵамкәа); алекциақәа ркурсқәа зегьы рҿы ибзиаӡоу ахәшьарақәа имазароуп  –   91-100 абалл иреиҵамкәа; активтә астуденттә статус имазароуп; авторизациа змоу иреиҳаӡоу аҵараиурҭа амагистратура дҭазароуп.

Иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа астудентцәа рсиа ацәыргаразы аҿҳәара рыҭоуп 2023 шықәса абҵара 21-нӡа», — иануп Қарҭ ахадара аинформациаҿы.