Қарҭ ахадара – Ахәыҷы иҧсра даараӡа ҳгәы иалсит
Қарҭ ахадара – Ахәыҷы иҧсра даараӡа ҳгәы иалсит

Ахәыҷы иҧсра даараӡа ҳгәы иалсит. Ари арыцҳара ҟалеит Титаник ҳәа изышьҭоу акорпус ахыбаҿ. Ахәыҷы уаҟа скеитбордла дыҟан, иара ахыбынтә алифт ашахта дҭаҳаит, – иануп Қарҭ ахадара аҳәамҭаҿы.

Ақалақь ахадараҿы ишырҳәаз ала,   зыӡбахәы ҳәоу акорпус иҳаҩсыз ашәышықәса  80-тәи ашықәсқәа индыркны амашәыр зхылҵыр зылшо аҭагылазаашьаҿы иҟоуп. Акорпус иҩноу ауааҧсыра кьырала ҽаџьара аиасра рыдаргалеит, урҭ рыхәҭак иақәшаҳаҭхеит, егьи рыхәҭа мап ркит.

„Қарҭ аҿиара афонд ари акорпус аҧсахра иазыхиоуп, аха, ажәлар ишырдыруа еиҧш, уи азыҳәан акорпус аҿы инхо ауааҧсыра зегьы рақәшаҳаҭра аҭахуп“,- иануп Қарҭ ахадара аҳәамҭаҿы.

Қарҭ,  Авҷала аиланхарҭаҿ иҟалаз арыцҳара далаӡит 13 шықәса зхыҵуаз ахәыҷы.