Қарҭ ахадара аҟынтә Аҩбатәи адунеитә еибашьра аветеранцәа 1000 лари иаҟароу ацхыраара роуеит, аибашьраан иҭахаз рҭаацәарақәа рылахәылацәа - 300 лари
Қарҭ ахадара аҟынтә Аҩбатәи адунеитә еибашьра аветеранцәа 1000 лари иаҟароу ацхыраара роуеит, аибашьраан иҭахаз рҭаацәарақәа рылахәылацәа - 300 лари

Афашизм аҭархара амш инамаданы, Қарҭ ахадара аҟынтә Аҩбатәи адунеитә еибашьра аветеранцәа 1000 лари иаҟароу ацхыраара роуеит, аибашьраан иҭахаз рҭаацәарақәа рылахәылацәа – 500 лари. Ари атәы аарыцҳаит Қарҭ ахадара апрессмаҵзура аҟынтә.

Қарҭ ахадара Агәабзиарахьчареи асоциалтә цхыраареи рмаҵзура “Аибашьра аветеранцәа рыцхыраара” апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҩбатәи адунеитә еибашьра аан аныҟәгаҩы дызцәыӡыз аҭаацәарақәагьы  300 лари ахынхәрас, 500 лари.

Афашизм аҭархара амш инамаданы Қарҭ ахадара аҟынтә ацхыраара роуит Аҩбатәи адунеитә аибашьра 84-ҩык  аветеранцәеи Аҩбатәи адунеитә еибашьра аан аныҟәгаҩы дызцәыӡыз аҭаацәарақәа 46-ҩык рылахәылацәеи.

Аветеранцәа реидгыла аинформациа ала, иахьа Қырҭтәыла инхоит Аҩбатәи адунеитә еибашьра иалахәыз 172-ҩык аветеранцәа, урҭ рҟынтә 131-ҩык Қарҭ инхоит.