Польшатәи Сеим  Дональд Туск иеиҳабыра аилазаара шьақәнарҕәҕәеит
Польшатәи Сеим  Дональд Туск иеиҳабыра аилазаара шьақәнарҕәҕәеит

Польшатәи Сеим  аҧыза-министр Дональд Туск иеиҳабыра аилазаара шьақәнарҕәҕәеит.

Аиҳабыра аилазаара иадгылеит  248ҩык польшатәи адепутатцәа,  201ҩык иақәшаҳаҭымхеит.

АИХқәа рдыррақәа рыла, ҧхынҷкәын 13 рзы аҧыза-министр Дональд  Туски иеиҳабыреи ҭоуба шьҭарҵоит, анеҩс, Дональд Туск, Бриуссельҟа ддәықәлоит Евроеидгыла алидерцәа рсаммит аҽалархәразы.