Pfizer анагӡаратә директор – Актәи алаҵа анеҩс  6–12 мза рышьҭахь  Pfizer авакциана ахҧатәи адоза аҟаҵара аҭаххар ҟалап
 Pfizer анагӡаратә директор – Актәи алаҵа анеҩс  6–12 мза рышьҭахь  Pfizer авакциана ахҧатәи адоза аҟаҵара аҭаххар ҟалап

 

Актәи алаҵа анеҩс  6–12 мза рышьҭахь  Pfizer авакциана ахҧатәи адоза аҟаҵара аҭаххар ҟалап, — ари аҳәамҭа ҟаиҵеит  Pfizer анагӡаратә директор  Альберт Бурла.

Иара иажәақәа рыла, ареалтә дыррақәа инрықәырәшаны, авакцина алҵшәа бзиа амоуп раҧхьаӡа акәны  Аладатәи Африкатә Республикаҿы иаарҧшыз акоронавирус зегьы реиҳа ишәарҭоу ахкы аҿагыларазы.

«Ҧыҭраамҭак ашьҭахь ахьчара еиҵхоит, аха фымз рыҩнуҵҟа ауаҩҧсы авирус аҟынтә ибзиаҵәҟьаны дыхьчоуп. Авакцина шаҟантә иҟаҵатәу макьана цқьа еилкаам, аха  6–12 мза рышьҭахь Pfizer  авакцина ахҧатәи адоза аҟаҵара аҭаххар ҟалап.  Анеҩс Pfizer есышықәсатәи аревакцинациа мҩаҧгазароуп. Аха,  абри зегьы  ишьақәырҕәҕәатәуп. Апандемиа аан шәаргьы шәгәылагьы шәыхьчазаауеит. Убри аҟынтә, атәылақәа зегьы авакцинациа мҩаҧыргароуп, уи аҵакы ду амоуп», — иҳәеит  Pfizer анагӡаратә директор  Альберт Бурла.