Пакистан ишырҳәаз ала, Иран аракетақәа аларыжьит
Пакистан ишырҳәаз ала, Иран аракетақәа аларыжьит

Пакистан Иран аракетақәа аланажьит. ВВС адыррала, ари аинформациа аланарҵәеит Пакистан.

Пакистан ахаҭарнакцәа рҳәамҭала, дара  «атеррористцәа рҽыҵәахырҭа» иаахеит, аха, ирантәи АИХқәа рдыррақәа рыла, иҭахеит хҩык аҳәсеи ҧшьҩык ахәыҷқәеи.

Иацы Иран Пакистан аҳаиртә қәыҧшылара еиланагеит, убри амшала ҩыџьа ахәыҷқәа ҭахеит. Пакистан ишырҳәаз ала, Иран аҟны адипломатиатә еизыҟазаашьақәа ааныркылоит.