Олаф Шольц -  Аибашьра шыҟоугьы Евроеидгылашҟа Украина алалара апроцесс ҳзырццакуам  
Олаф Шольц -  Аибашьра шыҟоугьы Евроеидгылашҟа Украина алалара апроцесс ҳзырццакуам  

Германтәыла аканцлер Олаф Шольц иҳәамҭала, аибашьра шыҟоугьы Евроеидгылашҟа Украина алалара апроцесс арццакра зыҟалом. Ари аинформациа аланарҵәеит ВВС.

Анемец лидер Бундестаг данықәгылоз ишиҳәаз ала, Евроеидгыла алаларазы амҩа кьаҿ иҟам,  Украина изакәызаалак азинҷыдак анаршьар,  уи ииашахом,  избанзар,  Мраҭашәаратә Балканқәа атәылақәа ари апроцесс украинаа раҧхьа иалагеит.

«Евроеидгыла алаларазы амҩа кьаҿ иҟам,  Мраҭашәаратә Балканқәа атәылақәа кыршықәса рыҩнуҵҟа интенсивла ареформақәа мҩаҧыргоит,  ари аиҿкаара алаларазы рҽазыҟарҵоит. Ҳара ираҳҭаз ажәа наҳамгӡар  —  ҳара ҳахь агәрагара рцәыӡуеит.  Иахьа,  дара ринтеграциагьы зеиҧшҟамлац ала ҳстратегиатә интересқәа ирышьашәалоуп. Ҳара абри арегион ашәарҭадара мацара акәӡам ҳазлацәажәо, ҳара ҳхатә шәарҭаадарагьы ҳалацәажәоит, иҭышәынтәалоу европатәи Мраҭашәаратә Балканқәа рыда ҳшәарҭадара ҳзеиқәҳаршәом», — иҳәеит  Олаф Шольц.