"Ниу-Иорк таимс" - Урыстәыла арратә напхгаҩцәа Украина агәыцәтә абџьар ахархәара иахцәажәоит
"Ниу-Иорк таимс" - Урыстәыла арратә напхгаҩцәа Украина агәыцәтә абџьар ахархәара иахцәажәоит

Урыстәыла арратә напхгаҩцәа Украина агәыцәтә абџьар ахархәара иахцәажәоит , – аанацҳаит “Ниу-Иорк таимс”  америкатәи ачинҳаракҩы иҟынтә аинформациа ҵаҵӷәыс аҭаны.

Акьыԥхь аинформациала, ЕАШ аиҳабыраҿ Урыстәыла арратә напхгаҩцәа Украина атактикатә абџьар ахархәара арыцхә иахцәажәоит.

“Ниу-Иорк таимс” адыррақәа рыла, Урыстәыла ахада Владимир Путин ари адискуссиа далахәымызт, аха ари афакт ала иубарҭоуп аурыс аинралцәа Украина ицо аибашьраҿ ақәҿиарақәа шрымам.

Урыстәыла арратә напхгаҩцәа Украина агәыцәтә абџьар ахархәара шахцәажәоз ЕАШ аԥшыхәратә маҵзура ЕАШ анапхгара адырра рнаҭеит жьҭаара азы.