Каха Калаӡе  - Аҭакҧхықәра наӡа схы иадҵаны, аргама исҳәар сҭахуп иацы Русҭавели имҩадуаҿ арезинатә ахқәа ахархәара шрымамыз
Каха Калаӡе  - Аҭакҧхықәра наӡа схы иадҵаны, аргама исҳәар сҭахуп иацы Русҭавели имҩадуаҿ арезинатә ахқәа ахархәара шрымамыз

Қарҭ ахада  Каха Калаӡе иҳәамҭала,  Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра лаҵара 1 азы Русҭавели имҩадуаҿ иҟалаз ахҭысқәа ирыдҳәаланы аусеилыргара иалагахьеит, уи анеҩс еилкаахоит акциа алахәылацәақәак ахәрақәа шроуз.

Азинхьчаҩцәа арезинатә ахқәа рхы иадырхәама ҳәа ажурналистцәа ианиазҵаа Калаӡе ишиҳәаз ала, Русҭавели имҩадуаҿ уи еиҧш афакт иҟамызт.

«Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ари азҵаара иадҳәаланы аҳәамҭа ҟанаҵеит.  Аҭакҧхықәра наӡа схы иадҵаны, аргама исҳәар сҭахуп иацы Русҭавели имҩадуаҿ арезинатә ахқәа ахархәара шрымамыз.  Акциаҿы атәылауаа ироуз ахәрақәа ирыдҳәаланы аусеилыргара иалагахьеит. Акциаҿы иҟаз амаҭәарқәак Қырҭтәыла ирҭиуам, урҭ иахьынтәаагаз еилкаатәуп. Арҭ афактқәа зхароу ауаа зегьы аҭакҧхықәра агара рықәшәоит. Арҭ ауаа ахәрақәа ахьроуз, ишроуз еилкаахоит», — иҳәеит  Каха Калаӡе.