Николоз Самхараӡе - Урыстәылатәи афедерациа Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы апартеид арежим шьақәнаргылеит, уа  аетникатә принципла ақырҭцәа рзинқәа еиларгоит
Николоз Самхараӡе - Урыстәылатәи афедерациа Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы апартеид арежим шьақәнаргылеит, уа аетникатә принципла ақырҭцәа рзинқәа еиларгоит

Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаара апарламенттә ассамблеиаҿ Қырҭтәыла апарламент аделегациа анапхгаҩы Адемократиеи, ауаҩытәыҩса изинқәеи агуменитартә зҵаарақәеи ркомитет ахантәаҩы Николоз Самхараӡе  Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаара апарламенттә ассамблеиа ҭагалантәи асессиеи, еснагьтәи акомитети абиурои реилатәарақәа ихы алаирхәит. Асессиа Польша апарламент аҿы мҩаԥган.

Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы европатәи аиҿкаара апарламенттә ассамблеиаҿ данықәгылоз, Николоз Самхараӡе Урыстәыла Украинаҿ атәылауаҩратә инфраструктура абомбақәа рыларыжьра даҿагылеит.

“Атәылауаҩратә аинфраструктуреи аенергетикатә обиектқәеи абомбақәа рыларыжьра хықәкыс амоуп Украина агуманитартә катастрофанӡа анагара. Урыстәыла аплан Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы инаннагӡаз асценари еиԥшуп – 250 000-ҩык ақырҭуаа рыҩнқәа рахь ахынҳәра алшара рымам. Ақырҭуа ахәыҷқәа рхатәы бызшәала аҵара аиура рылшом, импыҵахалоу арегионқәа рҿы ақырҭуа ашьҭа аныӡаара рҽазыкуеит. Урыстәылатәи афедерациа Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы апартеид арежим шьақәнаргылеит, уа аетникатә принципла ақырҭуаа рзинқәа еиларгоит”, – иазгәеиҭеит Самхараӡе.