Николоз Самхараӡе Қырҭтәыла иҟоу Швециатәи аҳра ацҳаражәҳәаҩ дылԥылеит
Николоз Самхараӡе Қырҭтәыла иҟоу Швециатәи аҳра ацҳаражәҳәаҩ дылԥылеит

Қырҭтәыла апарламентаҿ иҟоу адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа рзы акомитет ахантәаҩы Николоз Самхараӡе Қырҭтәыла иҟоу Швециатәи аҳра ацҳаражәҳәаҩ Анна Диберг дылԥылеит.

Аиԥылараҿ аганқәа Қырҭтәылеи Швециеи ирыбжьоу аизыҟазаашьақәеи апарламенттә аҩаӡараҿ аусеицура арӷәӷәареи ирыхәаԥшит.

Николоз Самхараӡе ацҳаражәҳәаҩ лҟны аиԥылараҿ Қырҭтәыла европатәи евроатлантикатәи аинтеграциеи ,Еврокомиссиа иҟанаҵаз жәабжьагарак рынагӡара апроцесси, наҟ-наҟтәи апланқәеи дрыхцәажәеит.

Аиԥылараҿ иазааҭгылеит арегионтә шәарҭадареи, Аладатәи Кавказ аҟны ашәарҭадаратә ҭагылазаашьеи, Урыстәыла ала импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа Аԥсни Цхинвалтәи арегиони рҿы иҟоу аҭагылазаашьа цәгьеи.