Николоз Самхараӡе  - Сенатаҿ имҩаҧгаз аиҧылараан адгылара ҕәҕәа ҳзаадырҧшит  
Николоз Самхараӡе  - Сенатаҿ имҩаҧгаз аиҧылараан адгылара ҕәҕәа ҳзаадырҧшит  

«Европатәи аусқәа рзы Сенат акомитет аилатәыраҿы абжьагарақәа рынагӡара ҳалацәажәеит. Ҳара атәылаҿ иҟоу апрогресс иазкны ирзеиҭаҳҳәеит», — иҳәеит адәныҟатәи аусқәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы Николоз Самхараӡе. Қырҭтәыла апаламент ахантәаҩы  анапхгара ззиуа апарламенттә делегациа аофициалтә визитла Франциа иҟоуп.

Николоз Самхараӡе ишиҳәаз ала, Франциа Сенатаҿ дара адгылара ҕәҕәа рзаарҧшын.

«Асенаторцәа руаӡәы аинтерес зҵоу аҳәамҭа ҟаиҵеит. Ишиҳәаз ала, ҵыҧх ҳтәыла акандидат астатус ахьарымҭаз игәы иалсит.  Иара иҳәамҭала, Қырҭтәыла абри астатус ахәҭоуп,  ари агха дыриашап ҳәа дгәыҕуеит.  Абри азҵаароуп асенаторцәа бжеиҳара интересс ирымаз, ҵыҧхтәи аӡбара ргәы иалоуп. Сенатаҿ адгылара ҕәҕәа ҳзаадырҧшит.  Ишырҳәаз ала, Франциа Қырҭтәыла евроинтеграциа иадгылоит.  Ҧхынгәы азы Қырҭтәыла имҩаҧысраны иҟоу Франкофониа Ассамблеиа Хада ҳалацәажәеит, уи ҳтәылақәа реизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара иацхраауеит», — иҳәеит Николоз Самхараӡе.