Николоз Самхараӡе  - Кубилиус иахь ааҧхьара ҟасҵоит Қырҭтәыла аимиџь аҧхасҭатәра даҟәыҵырц
Николоз Самхараӡе  - Кубилиус иахь ааҧхьара ҟасҵоит Қырҭтәыла аимиџь аҧхасҭатәра даҟәыҵырц

Адәныҟатәи аимадарақәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы Николоз Самхараӡе  Европарламент алахәыла  Андриус  Кубилиус иҟаиҵаз аҳәамҭа дахцәажәеит.  Кобилиус ишиҳәаз ала,  дара Қырҭтәыла ҷыдала иацклаҧшуеит, избанзар, ари атәыла, Урыстәыла иадҳәаланы  «акылҵәара еиқәа» аҳасабала ахархәара амоуп ҳәа  аинформациа иҟоуп.

Николоз  Самхараӡе ишиҳәаз ала, абри аҩыза адезинформациа аларҵәара ҟалом.

«Қырҭтәыла асанкциақәа азышьақәдыргылом, избанзар,  асанкциақәа рывсра факткгьы иҟам.  Кубилиус иахь ааҧхьара ҟасҵоит Қырҭтәыла аимиџь аҧхасҭатәра даҟәыҵырц. Кубилиус хықәкыла Қырҭтәыла иаҧырхагоу аҳәамҭақәа ҟаиҵоит. Абри аҩыза адезинформациа аларҵәара ҟалом.  Қырҭтәыла мацара акәымкәа, Евроеидгылагьы Урыстәылаҟны ахәаахәҭра иаҿуп. Қырҭтәыла ахашәалахәтә маҵзура ахаҭарнакцәа шәкыла аоперациақәа ааныркылеит, асанкциақәа ззышьақәыргылоу атауар Евроеидгылантә, Қырҭтәыла иалсны, Урыстәылаҟа ианцоз. Қырҭтәыла ак ахарарҵаанӡа, дара рхатә еилахәырақәа ирыхәаҧшааит», — иҳәеит  Николоз Самхараӡе.