Иракли Кобахиӡе згәы аарту аҿар рахь ахазынархара ҟаиҵеит
Иракли Кобахиӡе згәы аарту аҿар рахь ахазынархара ҟаиҵеит

“Атәым нырра аартызаара иазку” азакәанпроект ахәаԥшра ианалагаҵәҟьа иаразнак, Қарҭ аҿагыларатә акциақәа рымҩаԥгара иалагеит, урҭ рхы аладырхәоит 10000-ҩык рҟынӡа, урҭ реиҳараҩык гәы зҵам иқәыԥшу “анационалцәа” роуп , – иануп Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе аҿар рахь иҟаиҵаз ихазынархараҿ

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, “Амилаҭтә ҵысра” анапаҿы иҟоу ателеканалқәа ақәыӷәӷәара арҭ ауаа рықәреи ргәыцқьареи рзы иҟарҵоит, аиҳабыра згәы ҵқьоу аҿар ирзыӡырҩуам ҳәа адыррақәа аладырҵәоит.

“Акиақәа ирылахәу аҿа рыбжеиҳараҩык гәы зҵам иқәыԥшу “анационалцәа” шракәу ахцәажәара сгәы иҭам. Ари “Аилаҭтә ҵысра” аҿар реиҿкаарақәеи Гварамиа-Мелиеи, Гахариеи,  Хазараӡеи роуп, урҭ амчылара зылшо аҿар еидыркылоит. Хазараӡе аҵысра «GenZ» аԥара азоуижьҭуеит, ихаҭа ари аҵысра алидер «GenZ» дреиҳабуп.

Кезерашвили атәым донорцәеи рыдгыларала иаԥҵаз амчыларатә аиҿкаарақәа – «Сирцхвилиа», «Франклин иклуб», «Иҟалаша академиа», «Астудентцәа европатәи аԥеиԥ азы», «Ахақәиҭразы аҵысра», «Џьиути», «Талӷа», «Набиџьи», «Ҵертили», «Дафиони»  200-ҩык  рактивистцәеи апартактиви роуп амчылара алахырҵәо”, — иануп аԥыза-министр ихазырхараҿы.