Николоз Самхараӡе – Ацҳаражәҳәарҭаҿы ма аконсулраҿы 50ҩык иреиҳаны ашәҟәы ианызар, аҳәынҭқарра арҭ араионқәа рҿы алхырҭақәа раартра иауалуп, ус егьыҟалоит
Николоз Самхараӡе – Ацҳаражәҳәарҭаҿы ма аконсулраҿы 50ҩык иреиҳаны ашәҟәы ианызар, аҳәынҭқарра арҭ араионқәа рҿы алхырҭақәа раартра иауалуп, ус егьыҟалоит

Ацҳаражәҳәарҭаҿы ма аконсулраҿы 50ҩык иреиҳаны ашәҟәы ианызар, аҳәынҭқарра арҭ араионқәа рҿы алхырҭақәа раартра иауалуп, ус егьыҟалоит, – иҳәеит адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы Николоз Самхараӡе.

Самхараӡе иажәақәа рыла, аконсулраҿы арегистрациа ахысра иаанагом аконсулра ари аинформациа Қырҭтәыла аконсулрақәа   ахьыҟоу атәылақәа зегьы ирнаҭоит ҳәа.

„Ахшыҩдаратә аҳәамҭақәа ҳаҳаит, амҽыштәи ашколқәеи акультуратә центрқәеи рҿы алхрақәа рымҩаҧгара ҟалоит ҳәа агаӡара рҳәеит. Алхырҭақәа аартызароуп Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿ –  ацҳаражәҳәарҭаҿы ма аконсулраҿы.  Иарбанзаалак даҽа ҵакырак Қырҭтәыла аҵакырадгьылс  изыҧхьаӡахом. Зегьы срыҳәоит абри аҩыза агаӡара рымҳәарц. Дара абри зегьы дырны, цасҳәа ауаа ржьозар, уи даҽа проблемоуп.  Аҳәаанырцә иҟоу ҳтәылауаа реиҳара аконсулрақәа рҿы ашәҟәы иҭагалам, урҭ рыхәҭак авизақәа ирыдҳәаланы апроблемақәа рымазар ҟалап.  Дара ираҳаратәы исҳәар сҭахуп,  аконсулраҿы арегистрациа ахысра иаанагом аконсулра ари аинформациа Қырҭтәыла аконсулрақәа  ахьыҟоу атәылақәа зегьы ирнаҭоит ҳәа, ари аинформациа аҩныҵҟатәи ахархәаразоуп изыҟоу“, – иҳәеит Самхараӡе.