Николоз Самхараӡе  - Ҳара НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭыҧуаҩ ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа ирызкны  ҳиацәажәоит, Қырҭтәыла НАТО аҟынтә иазыҧшуп алианс алаларазы апрактикатә шьаҿақәа
Николоз Самхараӡе  - Ҳара НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭыҧуаҩ ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа ирызкны  ҳиацәажәоит, Қырҭтәыла НАТО аҟынтә иазыҧшуп алианс алаларазы апрактикатә шьаҿақәа

Бриуссель аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла апарламенттә делегациа алахәылацәа НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭыҧуаҩ иҧылоит.

Қырҭтәыла апарламентаҿ иҟоу адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа рзы акомитет ахантәаҩы Николоз Самхараӡе ишиҳәаз ала, аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәарҭоит Қырҭтәыла, алианс алалара апроцессаҿ  НАТО аҟынтә апрактикатә шьаҿақәа ишазыҧшу.

«Иахьа ҳара НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭыҧуаҩ ҳаиҧылоит. Ҳәарада, НАТОи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа ҳрылацәажәоит. Ҳара даҽазнык иаҵшьны иазгәаҳҭоит Қырҭтәыла, алианс алалара апроцессаҿ НАТО аҟынтә апрактикатә шьаҿақәа ишазыҧшу. Ҳара НАТО алалара ҳазыхиоуп, уи ҳконституциатә ҳасабтәуп. Убри аҟынтә, ҳара аконкреттә ажәалагалақәа ҳаур ҳҭахуп, Қырҭтәыла НАТО алаларазы  амаршрут ҳамазар ҳҭахуп», — иҳәеит Николоз Самхараӡе.

Иахьа, Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили иҽалархәрала, НАТО-Қырҭтәыла акомиссиа аилатәара мҩаҧысуеит.