Николоз Самхараӡе  - Урыстәыла ирыдыркылаз аӡбара Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцесс азы анырра аиуам
Николоз Самхараӡе  - Урыстәыла ирыдыркылаз аӡбара Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцесс азы анырра аиуам

«Урыстәыла ирыдыркылаз аӡбара Қырҭтәыла евроинтеграциа апроцесс азы анырра аиуам, аха, европатәи ҳпартниорцәа ииашаны аинформациа рыҭатәуп Урыстәыла ари аӡбара иахьа изрыдыркылаз азы», — иҳәеит  «Ақырҭуа гәахәтәы» иалахәы  Николоз Самхараӡе.

«Иара убас, иаҵшьны иазгәаҭатәуп асанкциақәа ззышьақәыргылоу авиаеилахәырақәа Қырҭтәылаҟа аҧырра шрылымшо. Мраҭашәаратә ҳпарттниорцәа ирласны ари аинформациа рыҭатәуп, имцхәу азҵаарақәа рызцәырымҵырц.

Аоппозициаа ирҳәо зегьы мцуп, избанзар ҳаиҳабыра рхааноуп Урыстәыла  аҧыррақәа раанкылареи егьырҭ асанкциақәеи ирызкны аӡбара анрыдыркылаз. Убри аҟынтә,  дара аҭоурых иахәаҧшыр, шәҟәык иаҧхьар  бзиан», — иҳәеит  Николоз Самхараӡе.