Николоз Самхараӡе  - Евроеидгыла Урыстәыла анапхгара рҟынтә аҭак иаҳәароуп ҳәа сгәы иаанагоит, авизақәа раҧыхреи аҧыррақәа реиҭашьақәыргылареи иазку аӡбара уажәы изрыдыркылаз иразҵаароуп
Николоз Самхараӡе  - Евроеидгыла Урыстәыла анапхгара рҟынтә аҭак иаҳәароуп ҳәа сгәы иаанагоит, авизақәа раҧыхреи аҧыррақәа реиҭашьақәыргылареи иазку аӡбара уажәы изрыдыркылаз иразҵаароуп

Евроеидгыла рпозициа зеиҧшроу аадыруан, уажәы ҳаиҳабыра ахаҭарнак, лымкаала, авице-аҧыза алшара бзиа имоуп Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩцәа инарҭбааны ирзеиҭеиҳәарц Қырҭтәыла имҩаҧнаго аполитика иазкны, – иҳәеит  „Ақырҭуа гәахәтәы“ иалахәы Николоз Самхараӡе.

Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла  Урыстәыла ҩ-ганктәи асанкциақәа азышьақәнаргылом, уи зегьы ирдыруеит.

„Урыстәыла анапхгара ирыдыркылаз аӡбаразы Қырҭтәыла анапхгара рҟынтә аҭак аҳәара ҟалозаргьы ҟаларын, аха,  уажәтәи аҭагылазаашьаҿы  Евроеидгыла Урыстәыла анапхгара рҟынтә аҭак иаҳәароуп ҳәа сгәы иаанагоит, авизақәа раҧыхреи аҧыррақәа реиҭашьақәыргылареи иазку аӡбара уажәы изрыдыркылаз иразҵаароуп. Хаҭала, сара, атәылауаҩк иаҳасабала, интересс исымоуп, Евроеидгыла аурыс авиаеилахәырақәа зегьы асанкциақәа рзышьақәыдмыргылеи, ари азҵааразы аҭак саҳар сҭахуп. Ҳара уаанӡагьы аргама ҳазлацәажәаз аполитика ҳақәныҟәеит, ҳпартниорцәа уи рдыруеит. Ҳара Урыстәыла ҩ-ганктәи асанкциақәа азышьақәҳаргылом, аха, егьи аганахьала, иаҭаху зегьы ҟаҳҵоит Қырҭтәыла аҵакырадгьыл асанкциақәа рывсразы рхы иадмырхәарц. Раҧхьа иргыланы, уи ҳмилаҭтә интересқәа ирышьашәалоу политикоуп, ҳшәарҭадара еиқәзыршәо политикоуп“, – иҳәеит Самхараӡе.

Евроеидгыла атәылақәа рыцҳаражәҳәаҩцәа аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Леван Давиҭашвили иҧылоит. Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакра аинформациа инақәыршәаны, ацҳаражәҳәаҩцәа Урыстәылаҟны аҧыррақәа реиҭашьақәыргылара иадҳәаланы аминистр демарш ирҭоит.