Николоз Самхараӡе Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара/БДИПЧ адиректор диҧылеит
Николоз Самхараӡе Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара/БДИПЧ адиректор диҧылеит

Қырҭтәыла апарламент аҿы иҟоу адәныҟатәи аусқәа рзы акомитет ахантәаҩы Николоз Самхараӡе, визитла Варшава даныҟаз,  Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара/БДИПЧ адиректор Маттео Мекаччи  диҧылеит.

Апарламент апресс-маҵзура адыррақәа рыла, аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәыла имҩаҧгаз алхрақәеи, алхратә реформа иазку азҵаарақәеи, ҳаҧхьҟа алхратә система аиҕьтәра апроцесс аҿы ари аиҿкаара аекспертцәа рылахәызаара аҵаки иалацәажәеит.

Маттео Мекаччи ишьақәирҕәҕәеит ареформақәа зегьы рымҩаҧгараҿы Қырҭтәыла ацхраара дшазыхиоу.

Николоз Самхарадзе  Маттео Мекаччи ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла  алхрақәа раан анаҧшцәа рмиссиа имҩаҧнагаз аусуразы.