Никол Ҧашиниан – Бақәа арегионаҿ аескалациа  «алегитимизациа» рҭахызар ҟалап, ҳара адиалог ҳазҿлымҳауп, аҭынчратә аиқәшаҳаҭра атекст аус адулара наҳагӡоит
Никол Ҧашиниан – Бақәа арегионаҿ аескалациа  «алегитимизациа» рҭахызар ҟалап, ҳара адиалог ҳазҿлымҳауп, аҭынчратә аиқәшаҳаҭра атекст аус адулара наҳагӡоит

 

«Бақәа арегионаҿ аескалациа  «алегитимизациа» рҭахызар ҟалап», — иҳәеит Шәамахьтәыла аҧыза-министр  Никол Ҧашиниан Азербаиџџьан ахада Альҳам Алиев иҟаиҵаз аҳәамҭа данахцәажәоз.

Шәамахьтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, «азербаиџьантәи аган  ашәамахьаа амца аанкылара иазку аиқәшаҳаҭра еиларгазшәа хықәкыла имцырку агрессиатә ҳәамҭақәа ҟарҵоит Ереван аган аҟынтә агрессиатә ақәҿыҭра ҟаларцаз.

Ҧашиниан иажәақәа рыла, Шәамахьтәыла аҭынчратә политика иаҟәныҟәоит.

«Ҳара агрессиатә бызшәа акәымкәа, адиалог абызшәа ҳхы иаҳәархәоит. Ҳара адемаркациа апроцесс наҳагӡоит, аҭынчратә аиқәшаҳаҭра атекст аус адааулоит», — иҳәеит  Никол Ҧашиниан.