Никол Ҧашиниан  - Аа-мшы ҵуеит азербаиџьантәи аган Лачинтәи акорридор дыркижьҭеи, Ашьхатә Ҟарабах ауааҧсыра, абри ахьҭаха, амҩан иаанхеит, аҭаацәарақәа аблокадатә цәаҳәа  наҟ-ааҟ иаанхеит
Никол Ҧашиниан  - Аа-мшы ҵуеит азербаиџьантәи аган Лачинтәи акорридор дыркижьҭеи, Ашьхатә Ҟарабах ауааҧсыра, абри ахьҭаха, амҩан иаанхеит, аҭаацәарақәа аблокадатә цәаҳәа  наҟ-ааҟ иаанхеит

Шәамахьатәыла аҧыза-министр   Никол Ҧашиниан  асоциалтә аҳаҿы Лачинтәи акорридораҿ аҭагылазаашьа дахцәажәеит.

«Аа-мшы ҵуеит азербаиџьантәи аган Лачинтәи акорридор дыркижьҭеи, Ашьхатә Ҟарабах ауааҧсыра, абри ахьҭаха, амҩан иаанхеит, аҭаацәарақәа аблокадатә цәаҳәа  наҟ-ааҟ иаанхеит. Агәабзиара аганахьала апроблема дуқәа змоу ауааҧсыра хәшәыда, амедицинатә цхыраарада иаанхеит», — иҩит Ҧашиниан.

Ҧхынҷкәын 12 рзы азербаиџьантәи аекоактивистцәа Лачинтәи акорридор адыркит. Ари акорридор иалсны ицоит Ашьхатә Ҟарабахи Шәамахьтәылеи еимыздо амҩа заҵәы.