Нико Саџьаиа ԥхынҷкәын 19 рзы ахәыҷтәы Евровизиаҿ ақәгыларазы аҩбатәи аномер ианашьан
Нико Саџьаиа ԥхынҷкәын 19 рзы ахәыҷтәы Евровизиаҿ ақәгыларазы аҩбатәи аномер ианашьан

Қырҭтәыла ахаҭарнак Нико Саџьаиа ԥхынҷкәын 19 рзы “Ла мен мусиқал” асценаҿ ахәыҷтәы Евровизиаҿ ақәгыларазы аҩбатәи аномер ианашьан.

19-ҩык аконкурс алахәылацәа реишьҭагылашьа аартра ацеремониаҿ еилкаахеит. Уаҵәы аконкурсантцәа асцена ду аҿы актәи арепетициа мҩаԥыргоит.

Апроект “Ранина” аҿы аиааира згаз Нико Саџьаиа Қырҭтәыла ахьӡала Евровизиа ахәыҷтә конрукс аҿы Гига Кухианиӡе иашәа “Еизгоу ақьышәырччарақәа” (Lets count the smiles) наигӡоит.

19-тәи ахәыҷтәы Евровизиа ԥхынҷкәын 19 рзы мҩаԥгахоит. Ахәаԥшцәа ишиашоу атранслиациа абара Актәи аканал аҿы рылшоит.

Ԥхынҷкәын 17, асааҭ 23:00 инаркны ахәыҷтәы Евровизиа аофициалтә саит  Junioreurovision.tv аҿы абжьыҭира иалагоит