Ника Мелиеи "Ақырҭуа гәахәтәи" депутатки иахьыҟаз Вазисубани иҟоу алхырҭак аҿы аиҿагылара ҟалеит
Ника Мелиеи "Ақырҭуа гәахәтәи" депутатки иахьыҟаз Вазисубани иҟоу алхырҭак аҿы аиҿагылара ҟалеит

“Амилаҭтә ҵысра” аҟынтә Қарҭ ахада иҭыԥ азы акандидат Ника Мелиеи “Ақырҭуа гәахәтәи” депутатки иахьыҟаз Вазисубани иҟоу алхырҭак аҿы аиҿагылара ҟалеит. Аиҿагылараан тәылауаҩк Ника Мелиа диҿасит.

Ника Мелиа иҟаиҵаз аҳәамҭала, алхырҭаҿ афымца дырцәеит, ацәгьауцәа амобилизациа рзуун.

“Ақырҭуа гәахәтәы” адепутат Беқа Давиҭулиани иҟаиҵаз аҳәамҭала, Ника Мелиа алхрақәа рҿы даҵахан, уажәы апровокациақәа еиҿиикаауеит.