«Амилаҭтә ҵысра» - Ника Мелиа аманифест апринципқәа дрықәшаҳаҭым, иара апартиа иаҧырхагоу акампаниа наигӡоит, Ника Мелиа апартиа «Иаку амилаҭтә ҵысра» дахаҭарнакым
«Амилаҭтә ҵысра» - Ника Мелиа аманифест апринципқәа дрықәшаҳаҭым, иара апартиа иаҧырхагоу акампаниа наигӡоит, Ника Мелиа апартиа «Иаку амилаҭтә ҵысра» дахаҭарнакым

«Иаку амилаҭтә ҵысра» алхраҧхьатәи арежим хада ашҟа ииасуеит.  Ника Мелиа апартиа «Иаку амилаҭтә ҵысра» дахаҭарнакым, ари азҵаара ӡбоуп. Михаил Саакашвили иинициативала, «Иаку амилаҭтә ҵысра» ицәырнагеит  апартиа аусура ахадаратә принциқәа ҳәаақәызҵо Апартиатә акзаара аманифест», — иануп «Амилаҭтә ҵысра» аҳәамҭаҿы.

Аҳәамҭаҿ ишазәгаҭоу ала,  Ника Мелиа аманифест апринципқәа дрықәшаҳаҭым, иара апартиа иаҧырхагоу акампаниа наигӡоит, иара аргама иҳәеит «Амилаҭтә ҵысра» дшалам.

«Ҳара апартиа ҧасатәи ахантәаҩы апартиашҟа ирхынҳәра изныкымкәа ҳҽазаҳкхьеит, Ника Мелиа аманифест апринципқәа дрықәшаҳаҭым, иара апартиа иаҧырхагоу акампаниа наигӡоит, иара аргама иҳәеит «Амилаҭтә ҵысра» дшалам. Ника Мелиа апартиа «Иаку амилаҭтә ҵысра» дахаҭарнакым.

«Иаку амилаҭтә ҵысра» алхраҧхьатәи арежим хада ашҟа ииасуеит.  Ника Мелиа апартиа «Иаку амилаҭтә ҵысра» дахаҭарнакым, ари азҵаара ӡбоуп.  Апартиа алахәылацәа ари азҵаара иадҳәаланы аилыркаарақәа рыҟаҵара ргәы иҭам.

2024  шықәсатәи алхрақәа рҿы аиааиреи атәыла аиааиреи иазҿлымҳау ауааҧсыра зегьы рзы «Иаку амилаҭтә ҵысра» ашәқәа аартуп», — иануп апартиа аҳәамҭаҿы.