Лаҵара 1-2 рзы Қырҭтәыла даҭаауеит арҭбаара иазку аиҿцәажәареи агәылареи рызҵаарақәа рзы Еврокомиссиа адиректор хада Герт Иан Копман
Лаҵара 1-2 рзы Қырҭтәыла даҭаауеит арҭбаара иазку аиҿцәажәареи агәылареи рызҵаарақәа рзы Еврокомиссиа адиректор хада Герт Иан Копман

Лаҵара 1-2 рзы Қырҭтәыла даҭаауеит Арҭбаара иазку аиҿцәажәареи агәылареи рызҵаарақәа рзы Еврокомиссиа адиректор хада Герт Иан Копман, – аарыцҳаит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәара.

Копмани аиҳабыра рхаҭарнакцәеи, атәылауаҩратә уаажәларра хаҭарнакцәеи егьырҭ апартниорцәеи Евроеидгылеи Қырҭтәылеи русеицура азҵаарақәа ирыхәаԥшуеит, арҭ азҵаарақәа иреиуп акандидат статус иазку жәшьаҿак рынагӡара.

«Арҭбаара иазку аиҿцәажәареи агәылареи рызҵаарақәа рзы Еврокомиссиа адиректор хада Герт Иан Копман Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили, аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе, аиҳабыра рылахәылацәеи дырԥылоит. Иара убас уи диԥылоит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии апарламенттә партиақәа рылахәылацәеи, атәылауаҩратә уаажәларра ахаҭарнакцәеи», — иануп Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәара аҳәамҭа аҿы.