Леван Хабеишвили - Ника Мелиа уажәшьҭа  «Амилаҭтә ҵысра» дахаҭарнакым, иара апартиа далам
Леван Хабеишвили - Ника Мелиа уажәшьҭа  «Амилаҭтә ҵысра» дахаҭарнакым, иара апартиа далам

«Ника Мелиа уажәшьҭа  «Амилаҭтә ҵысра», дахаҭарнакым, иара апартиа далам», —  иҳәеит «Амилаҭтә ҵысра» ахантәаҩы Леван Хабеишвили ателееилахәыра  «ТВ Формула» аефираҿ.

«Сара егьырҭ ауааҧсыра рҳәамҭақәа срыхцәажәом. Ҳара ҳазлацәажәо аконкреттә уаҩҧсы иара ихала апартиа далҵит. Убри аҟынтә, иҳәамҭа акгьы аҵанакәам, сара аргама исҳәоит ари ауаҩҧсы   «Амилаҭтә ҵысра» уаҳа дшалам, иара «Амилаҭтә ҵысра» ахьӡала дзықәгылом. Сара ацәажәара азин сызимхуам, егьысҭахым», — иҳәеит  Леван Хабеишвили.

Хабеишвили ишиҳәаз ала, Ника Мелиа ириторика иҧсахыр, иара апартиа алаларазы арзаҳал иҩыроуп, нас, деиҭарыдыркылоит.