Ника Мелиа иҳәамҭала, „Амилаҭтә ҵысра“ аҟынтә Қарҭтәи Сакребуло адепутат  Глдани араионаҿ иқәлеит
Ника Мелиа иҳәамҭала, „Амилаҭтә ҵысра“ аҟынтә Қарҭтәи Сакребуло адепутат  Глдани араионаҿ иқәлеит

„Амилаҭтә ҵысра“ алахәыла Ника Мелиа иҳәамҭала, Қарҭтәи Сакребуло адепутат Иракли Еӡгвераӡе Глдани араионаҿ иқәлеит.

Ника Мелиа иажәақәа рыла,  Иракли Еӡгвераӡе апровокациа изиуит «Ақырҭуа гәахәтәы» аҟынтә Глдани араион  амажоритартә депутат, Қарҭ ахада Каха Калаӡе иҩыза гәакьа.

«Сакребуло аҿы иқәгылара ашьҭахь, Иракли Еӡгвераӡе Глдани, иҩныҟа дхынҳәит, иара иҩызцәагьы ицын, Иракли алабақәа зкыз  50-60ҩык раҟара  иқәлеит, урҭ дрылан  Глдани Гамгеобаҿ аус зуа, азакәантә ҕьыч Шукакиӡе иашьа Тато Хундаӡегьы.

Арҭ ауаа уаҟа ирҧылаз зегьы гәымбылџьбарала ирыпҟеит. Уи аполитикатә ашьоуроуп, арҭ ауаа ҳтәыла иахагылоуп.  Ҳҩызцәа зегьы агәымбылџьбаратә ашьоура рхыргеит. Сареи ауаа рацәеи ҳзы уи аламыс иадҳәалоу зҵаароуп, Қырҭтәыла ма Калаӡеи, Кобиашвилии, Ҧарцхалаӡеи иртәызаауеит, ма ҳхылҵ иртәызаауеит. Уажәазы ҳҳәынҭқарра ацәгьауцәа ахагылоуп. Уара, Каха Калаӡе, иҟауҵаз зегьы цәгьала уахьхәоит, иуҕьычыз амиллионқәа зегьы рырхынҳәреи иҟауҵаз ацәгьаурақәа рзы аҭакҧхықәра агареи уқәшәоит», — иҳәеит  Мелиа.