Ника Мелиеи, Бачо Долиӡеи,  Звиад Куправеи аӡбарҭа азалынтә иоурыжьҭит
Ника Мелиеи, Бачо Долиӡеи,  Звиад Куправеи аӡбарҭа азалынтә иоурыжьҭит

«Амилаҭтә ҵысра» алахәылацәа  Ника Мелиеи, Бачо Долиӡеи,  Звиад Куправеи аӡбарҭа азалынтә иоурыжьҭит. Русӡбаратә процесс хырҧоуп.  Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭаҿ аусӡбаратә аилатәара мҩаҧгахоит жьҭаара 23 асааҭ  12:00 рзы.

Азинхьчаратә органқәа рхаҭарнакцәа Ника Мелиеи, Бачо Долиӡеи,  Звиад Куправеи  иацжәацы иааныркылеит.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррала, Қарҭ, Глдани араионаҿ иҟалаз аидыслараан зыӡбахәы ҳәоу ахаҿқәа азинхьчаратә органқәа рхаҭарнакцәа рыҧхықәрақәа рынагӡараҿы ирҧырхаган,  ишакәым ала ирацәҳауан,  ирақәҧон.