Нидерланды Украина 274 миллион евро азалырхуеит
Нидерланды Украина 274 миллион евро азалырхуеит

Нидерланды Украина 274 миллион евро азалырхуеит. Ари аԥара атәыла 2023 шықәса иалагӡаны Украина азалнахуа 2.5 миллиард иаҟароу апакет ахәҭа ауп.

Ари аԥарантә 180 миллион евро агуманитартә цхыраареи, ақыҭанхамҩеи атәыла аиҭашьақәыргылареи рзы алхуп, даҽа 94 миллион евро рыла артиллериатә абџьар аархәоит.