Нидерланды Адәныҟатәи аусқәа рмнистр Киев дыҟоуп
Нидерланды Адәныҟатәи аусқәа рмнистр Киев дыҟоуп

Нидерланды Адәныҟатәи аусқәа рмнистр Вокке Ҳоқстра Украина даҭааит. Адипломат, урыстәылатәи агрессиа амзызла зегь реиҳа идуӡӡоу аԥхасҭа зауз Ирпень ақалақь дыҟан.

“Иблыз ахыбрақәа, аргыламҭақәа рыла иубоит аибашьра ари ақалақь иқәынхо аҳәса, ахацәа ахәыҷқәа ирзаанагаз. Нидерланды аиаша аԥшаара иаҟәыҵуам”, – иҩит Ҳоқстра “Твиттер” аҿы

Нидерланды Адәныҟатәи аусқәа рмнистр Вокке Ҳоқстра украинатәи иколлега Димтри Кулеба диԥылеит.