Нато мрагыларатә фланг арӷәӷәаразы, Польша раԥхьаӡатәи америкатәи аруаа ргәыԥ аҭааит
Нато мрагыларатә фланг арӷәӷәаразы, Польша раԥхьаӡатәи америкатәи аруаа ргәыԥ аҭааит

Украина аҳәааҿ Урыстәыла арратә хәҭақәа рхыԥхьаӡара азҳара афон аҿы, Нато мрагыларатә фланг арӷәӷәаразы, Польша ЕАШ арратә актәи контингент иаҭааит. Ари атәы аанацҳаит Роитер.

Аруаа Польша алада-мрагыларатәи хәҭаҿы, Украина аҳәаа ааигәара иҟоу Жешувтәи арратә базаҿ иҟоуп.

Польша атәылахьчара усхкы ахаҭарнак иажәақәа рыла, Польша ЕАШ ар 82-тәи аҳауатә-адесатнттә дивизиа аибашьцәа ргәыԥ актәи аконтингент  иаҭааит. Аҩбатәи агәыԥ Польша уаҵәы иаҭаауеит. Польша рышьҭит 1700-ҩык америкатәи аруаа.