Наҭиа Турнава – Жәларбжьаратәи авалиутатә фонди ҳареи русеицура ҕәҕәа ҳаҧхьаҟагьы инагӡахоит
Наҭиа Турнава – Жәларбжьаратәи авалиутатә фонди ҳареи русеицура ҕәҕәа ҳаҧхьаҟагьы инагӡахоит

«Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд ҳтәылазы зҵакы дуу апартниорцәа иреиуп, ҳусеицура ҕәҕәа ҳаҧхьаҟагьы инагӡахоит», — илҳәеит Қырҭтәыла Амилаҭтә банк ахада инапынҵақәа назыгӡо Наҭиа Турнава Қырҭтәыла иҟоу Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд ахаҭарнак ҿыц Ендриу Џьуелла даниҧылоз.

Амилаҭтә банк аинформациа ишану ала,  аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа атәылаҿ амакроекономикатә ҭагылазаашьеи,  Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд ацхыраарала Қырҭтәыла имҩаҧысуа  аекономикатә программа анагӡашьеи, атехникатә цхыраара иаҵанакәа азҵаарақәеи ирылацәажәеит.

«Амилаҭтә банк, аглобалтә проблемақәа рықәҿыҭразы, иакымкәа иахәҭоу ашьаҿақәа ҟанаҵеит. Уи абзоурала, аинфлиациатә азҧхьагәаҭарақәа еиҕьхеит, ахәқәа ҭышәынтәалахеит.  Ҧхынгәы азы аинфлиациа арбага лаҟәит  0,3%-наӡа,», — ирҳәеит Амилаҭтә банк аҿы.