Наҭиа Турнава Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд адиректор-адҵаҟаҵаҩы ихаҭыҧуаҩ  Бо Ли диҧылеит
Наҭиа Турнава Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд адиректор-адҵаҟаҵаҩы ихаҭыҧуаҩ  Бо Ли диҧылеит

Қырҭтәыла Амилаҭтә банк ахада инапынҵақәа назыгӡо Наҭиа Турнавеи афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвилии Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд адиректор-адҵаҟаҵаҩы ихаҭыҧуаҩ  Бо Ли иҧылеит.

Аиҧылараҿы актуалтә ҵакы змоу аглобалтәии арегионалтәии проблемақәа ирылацәажәеит. Иара убас,  аганқәа рхаҭарнакцәа,  Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд аус ацура иадҳәалоу акрызҵазкәа азҵаарақәа ирзааҭгылеит.

Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд адиректор-адҵаҟаҵаҩы ихаҭыҧуаҩ   Жәларбжьаратәи авалиутатә ҵонд ахьӡала иҳәеит дара ареформақәа рынагӡара апроцессаҿ Қырҭтәыла ацхраара ишазыхиоу. Иара убас, иара иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла еиқәыршәоу амакроекономикатәи афинанстәи ҭышәынтәалареи, аинфлиациа маҷи, имҩаҧгоу ареформақәеи.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Амилаҭтә банк.