Наҭиа Турнава – Сынтәа Қырҭтәыла авалиутатә резервқәа аҭоурыхтә максимум аҿы иҟоуп», адекваттә аҩаӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны
Наҭиа Турнава – Сынтәа Қырҭтәыла авалиутатә резервқәа аҭоурыхтә максимум аҿы иҟоуп», адекваттә аҩаӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны

«Сынтәа Қырҭтәыла авалиутатә резервқәа аҭоурыхтә максимум аҿы иҟоуп», адекваттә аҩаӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны», — илҳәеит Қырҭтәыла Амилаҭтә банк ахада инапынҵақәа назыгӡо Наҭиа Турнава афинанстә-биуџьеттә комитет аилатәараҿы данықәгылоз.

Турнава лажәақәа рыла, аҵыхәтәантәи аамҭазы атәылашҟа иаҳа ирацәаны атәым валиута  алагалоуп, уи абзоурала, Амилаҭтә банк иаҳа активла жәларбжьаратәи авалиутатә резервқәа ханарҭәаауеит.

«Жьҭааразы жәларбжьаратәи авалиутатә резервқәа 5,1 миллиард адоллар иаҟаран. Уи аинвестициақәеи амакроекономикатә ҭышәынтәалареи азы ибзиоуп. Аҵыхәтәантәи аамҭазы атәылашҟа иаҳа ирацәаны атәым валиута  алагалара абзоурала, 2023 шықәсазы Амилаҭтә банк  иаҳа  активла жәларбжьаратәи авалиутатә резервқәа ханарҭәаауеит», — илҳәеит Наҭиа  Турнава.

Лара лажәақәа рыла,  2023 шықәса жьҭааразы иҟоу аҭагылазаашьа инақәыршәаны, аинтервенциақәа зегьы иазҧхьагәаҭаны, жәларбжьаратәи арезервқәа азҳауеит  1,292 миллиард адоллар аҟынӡа.