Москва ргәы ишаанаго ала, Урыстәылеи НАТОи рыбжьара аибарххара иалагар, зегьы раҧхьа азарал аиуеит  Финлиандиа
Москва ргәы ишаанаго ала, Урыстәылеи НАТОи рыбжьара аибарххара иалагар, зегьы раҧхьа азарал аиуеит  Финлиандиа

«Урыстәылеи НАТОи рыбжьара аибарххара иалагар, зегьы раҧхьа азарал аиуеит  Финлиандиа», — иҳәеит жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рҿы Урыстәыла еснагьтәи ахаҭарнак  Михаил Улианов.

Улианов иҳәамҭа аланарҵәеит «Евроактив».

«Дара ҧшьала, ҭынч инхон, нас, иаалырҟьаны, Урыстәылеи НАТОи ирыбжьахеит, дара ҳгәылацәа роуп, убри аҟынтә, Анцәа иумҳәан, аха, Урыстәылеи НАТОи рыбжьара аибарххара ҟалар, раҧхьа иргыланы, Финлиандиа азарал аиуеит», — иҳәеит Улианов.