Молдова аурыс аинформациатә дырраҭарақәеи арратә фильмқәеи рырбара ҟалом
Молдова аурыс аинформациатә дырраҭарақәеи арратә фильмқәеи рырбара ҟалом

Молдова аурыс аинформациатә дырраҭарақәеи арратә фильмқәеи рырбара ҟалом.

Иашьашәалоу ақәҵара лнапы аҵалҩит ахада Маиа Санду.

Молдова ателерадио хеилак ахантәаҩы Лилиана Вицу иҟалҵаз аҳәамҭала, азакәан амч аиуеит иаауа амчыбжь азы, апропаганда иаҳа иџьбараны ахьырхәтәхоит. Вицу лажәақәарыла, Украинатәи аибашьра иахҟьаны,анапхгара атәымтә пропаганда иаҿагыланы иџьбароу аӡбарақәа рыдкылара ақәшәоит.