Михеил Саакашвили иҟаиҵаз аҳәамҭала, Страсбургтәи аӡбарҭа апенитенциатә системаҿ ихәышәтәреи изныҟәареи иадҳәаланы аус аҭҵаара иаҟәыҵит иара иҳәара шьаҭас иаҭаны
Михеил Саакашвили иҟаиҵаз аҳәамҭала, Страсбургтәи аӡбарҭа апенитенциатә системаҿ ихәышәтәреи изныҟәареи иадҳәаланы аус аҭҵаара иаҟәыҵит иара иҳәара шьаҭас иаҭаны

Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Михеил Саакашвили иҟаиҵаз аҳәамҭала, Страсбургтәи аӡбарҭа апенитенциатә системаҿ ихәышәтреи изныҟәареи иадҳәаланы аус аҭҵаара иаҟәыҵит иара иҳәара шьаҭас аҭаны.

Страсбургтәи аӡбарҭа аӡбара иазкны аҳәамҭа асоциалтә каҭаҿы ҟаиҵеит. Ԥасатәи ахада ишазгәеиҭаз, иҳаҩсыш ашықәс ԥхынҷкәын 7 рзы Страсбургтәи аӡбарҭа дадҵаалт ашыԥхьыӡ алаҵара игәы шҭам.

Иара убас, асоциалтә каҭаҿы Саакашвили Аиустициа аминистра иҟанаҵаз аҳәамҭа дақәҿиҭит. Саакашвили иҳәамҭала Аиустициа аминистрра аганахьала аҭыԥ амоуп Ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Европатәи аӡбарҭа аӡбара аԥаршеира.

“Адкылашьа амам ауаажәлар ржьара, ииашам агәаанагара аиҿкааразы Страсбургтәи аӡбарҭа аинструментализациа. Аиустициа аминистрра изныкымкуа аӡбарҭа аӡбарақәеи афактқәеи ииашамкуа аанарԥшьхьеит, афактқәа ииашам аинтерпретациа рзыҟанаҵоит.

Ари иазыԥхьагәаҭазы, адырра рысҭоит Ауаҩы изинқәа рзы европатәи аӡбарҭа”, – иҩит Саакашвили. Уи асоциалтә каҭаҿы ԥхынҷкәын 7 рзы Европатәи аӡбарҭахь иишьҭыз адокумент алаирҵәоит.