Аиустициа аминистрра - Страсбургтәи аӡбарҭа апенитенциатә системаҿ ахәышәтәреи азныҟәареи ирызку Михеил Саакашвили ишшыԥхьыӡ иахәаԥшраны иҟаз аусқәа рсиа агәылырхит
Аиустициа аминистрра - Страсбургтәи аӡбарҭа апенитенциатә системаҿ ахәышәтәреи азныҟәареи ирызку Михеил Саакашвили ишшыԥхьыӡ иахәаԥшраны иҟаз аусқәа рсиа агәылырхит

Страсбургтәи аӡбарҭа апенитенциатә системаҿ ахәышәтәреи азныҟәареи ирызку Михеил Саакашвили ишшыԥхьыӡ иахәаԥшраны иҟаз аусқәа рсиа агәыдырхит, – Аиустициа аминистрраҿ имҩаԥгаз абрифинг аҿы ари атәы ааицҳаит аминистр ихаҭыԥуаҩ Беқа Ӡамашвили.

Ӡамашвили иажәақәа рыла, Страсбургтәи аӡбарҭа ахәшьарала, ари аус аҿы ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара аганахьала ҷыдалатәи ҭагылазаашьақәа аарԥшым, убри аҟынтә азҵаара иацҵаны аҭҵаара аҭахым.

„Ари аӡбара даҽазнык шьақәнарӷәӷәеит Қырҭтәыла апенитенциатә системаҿ Михеил Саакашвили ихәышәтәреи изныҟәареи Европатәи аӡбарҭа ишьақәнарӷәӷәаз астандартқәа ирышьашәалоуп, изинқәеи иинтерсқәеи шыхьчо,” – иҳәеит Ӡамашвили.

Ӡамашвили ишазгәеиҭаз, Европатәи аӡбарҭахь Михеил Саакашвили ихәышәтәреи апенитенциатә системаҿ изныҟәареи, иҭагылазаашьеи ирызку аинформациа рышьҭит.

“Ари аинформациеи адокументқәеи Европатәи аӡбарҭахь ҳашьҭит. Европатәи аӡбарҭахь Саакашвили ихәышәтәреи иҭагылазаашьеи ирызку аинформациа ҳашьҭит,” -иҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.