Михеил Саакашвили аӡбарҭаҿ Украина агимн наигӡеит [авидео]

Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Михеил Саакашвили аӡбарҭаҿ Украина агимн наигӡеит.

Михеил Саакашвли Украина абираҟ цәыригеит, иажәақәа рыла абираҟ украинатәи адепутатцәа изаарышьҭит.

Қарҭтәи ақалақьтә аӡбарҭаҿ Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Михеил Саакашвили ипроцесс мҩаԥысуеит.

Апрокуратура ҳаҭарнакцәа Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Михеил Саакашвилии Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзура ҷыда аиҳабы ԥасатәи ахада Ҭемур Џьанашьиеи 9024367 лари аҳәынҭқарратә ԥара фара ирхарарҵоит. Ари ацәгьауразы иазыԥхьагәаҭоуп 11 шықәсанӡа аҭакра. Аусԥшаара аинформациа ала, Қырҭтәыла ахада Михеил Саакашвилии, Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзура ҷыда аиҳабы ԥасатәи ахада Ҭемур Џьанашьиеи Оҭар Қвелиӡеи абиуџьеттә ԥара фаны, ари ирҵәахырц азы, маӡалатәи аформала, ахада ирезервтә фонд аҟынтә Аҳәынҭқарратә ахьчара амаҵзура ҷыдазы аԥара алырхит. Апрокуратура аинформациала, 2009 шықәса лаҵара 1 инаркны 2013 шықәса жәабран 25-нӡа Михеил Саакашвили идҵала, абиуџьет 9024367.34 лари азарал абеит.