Михаил Саакашвили – Аплакатқәа кыдырҵеит, Израильнтә иааргаз,  Моше Клиугхафт ҳәа аӡәы иҟаиҵаз аҟьамсар
Михаил Саакашвили – Аплакатқәа кыдырҵеит, Израильнтә иааргаз,  Моше Клиугхафт ҳәа аӡәы иҟаиҵаз аҟьамсар

Еиҭах ақалақь агәҭаны аплакатқәа кыдырҵеит, урҭ дравторуп  Моше Клиугхафт ҳәа захьӡу авантиурист,  атәымуаҩ, Иванишвили Израильнтә иааигаз ахәымга — иҳәеит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили.

«Иванишвили шәышҧаицәымҕу, ақырҭуа жәлар ринтеллект иларҟәны дышҧахәаҧшуа, абри ахәымга аҧара иҭаны, абас шәижьар ҟалоит ҳәа игәы иаанагоит.  Абри аҩыза аҭагылазаашьа ҳацәымҧхашьаӡои, ауаа ҳхыччо ҳахьыҟалаз ҧхашьараӡами?   Уи даараӡа илахьеиқәҵароуп. Абас ҳахьылаҟәхаз даараӡа сгәы иалоуп. Абри ахшыҩдара аҵыхәа ҧҵәатәуп», — иҳәеит Саакашвили.