Леван Хабеишвили –  Михаил Саакашвили 2024 шықәсатәи алхрақәа раанӡа доурыжьҭроуп, уи аҵакы ду амоуп ииашоу алхрақәа рымҩаҧгаразы, Саломе Зурабишвили уи аиқәыршәара лылшоит
Леван Хабеишвили –  Михаил Саакашвили 2024 шықәсатәи алхрақәа раанӡа доурыжьҭроуп, уи аҵакы ду амоуп ииашоу алхрақәа рымҩаҧгаразы, Саломе Зурабишвили уи аиқәыршәара лылшоит

Зқьҩыла ҳтәылауаа агәаран иқәгылоуп ахада Михаил Саакашвили ихақәиҭтәра иазку аҳәара рнапы аҵарҩырц. Аоппозициатә лидер хада Михаил Саакашвили 2024 шықәсатәи алхрақәа раанӡа доурыжьҭроуп, уи аҵакы ду амоуп ииашоу алхрақәа рымҩаҧгаразы, Саломе Зурабишвили уи аиқәыршәара лылшоит, – иҳәеит „Иаку амилаҭтә ҵысра“ ахантәҩы Леван Хабеишвили.

Хабеишвили иҳәамҭала, алхрақәа ииашаны имҩаҧгазарц азыҳәан,   аицлабра апринцип ихьчазарц азыҳәан, аоппозициатә лидер хада Михаил Саакашвидли ихы дақәиҭзароуп.

„Ажәлар уи иаҳәоит, арҭ ауаа рактивра ду жәбоит.  Шәнызқь анапынҵақәа еизганы, атәыла ахада Саломе Зурабишвили ҳлыдҵаалоит  ииашоу алхрақәа рымҩаҧгареи  Иванишвили иоппонент хада ахада Саакашвили  иоужьҭреи еиқәлыршәарц“, – иҳәеит Леван Хабеишвили.